Ҷкадуаԥҳа: хореографиада сыԥсҭазаара аҵак амаӡам
Ажьырныҳәамза 18 рзы лиубилеи азгәалҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ахореограф, акәашаратә школ "Абаза" аиҳабы Циала Ҷкадуаԥҳа. Арадио Sputnik аефир аҿы лара еиҭалҳәеит ҳамҭа дус лыԥсҭазаараҿы илыԥхьаӡо, насгьы хореографк иаҳасабала лышьақәгылара шыҟалаз атәы.